Гиа Вольски иҳәамаҭала, лаҵара 3 рзы имҩаҧысуа апартиа аизараду аҿы «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  далырхыр ҟалап
Гиа Вольски иҳәамаҭала, лаҵара 3 рзы имҩаҧысуа апартиа аизараду аҿы «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  далырхыр ҟалап

Апарламент актәи авице-спикер Гиа Вольски иҳәамҭала, лаҵара 3 рзы имҩаҧысуа апартиа аизараду аҿы  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы далырхыр ҟалап.

«Хара имгакәа аизараду мҩаҧысуеит. Макьана арыцхә ҳалацәажәоит, аха, асабшаз имҩаҧысыр ҟалап. Ҳәарада, апартиа ахантәаҩы далхтәуп, ари азҵааразы ҳаиқәшаҳаҭҳахьеит, аха, акомпетенциа змоу ауаҩы иашьашәалоу аплатформа аҟынтә ари атәы ааицҳаанӡа ҳазыҧшып», — иҳәеит  Гиа Вольски.

Гиа Вольски уажәааны аполитика алҵразы аҳәамҭа ҟазҵаз Ирак Ҕарибашвилигьы дихцәажәеит.

«Иракли Ҕарибашвили ҳиаҭабууп, уи атәы иаҳҳәахьеит.  Иракли Ҕарибашвили   акыр даҳзыҧсоуп, дуаҩ бзиоуп, дспециалист бзиоуп, ибзиаӡаны иус идыруеит. Аҵара бзиа имоуп, иқәра дуум, уажәы акәымзаргьы, ҧыҭраамҭак ашьҭахь аполитикаҿы даҳбар ҟалап», — иҳәеит Гиа Вольски.

Иракли Ҕарибашвили аполиткиа дшалҵуа ааицҳаит мшаҧы  25 рзы.