Гиа Вольски – Ҳара Америка администрациа ҿыц аус ацура ҳазыхиоуп, ҳаизыҟазаашьақәа зинла еиҟароу апартниорцәа рпозициахь архынҳәразы
Гиа Вольски – Ҳара Америка администрациа ҿыц аус ацура ҳазыхиоуп, ҳаизыҟазаашьақәа зинла еиҟароу апартниорцәа рпозициахь архынҳәразы

 

«Ҳара Америка администрациа ҿыц, Конгресс, Сенат уҳәа, рызынтәгьы аус рыцура ҳазыхиоуп, ҳаизыҟазаашьақәа зинла еиҟароу апартниорцәа рпозициахь архынҳәразы», – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент актәи авице-спикер Гиа Вольски.

Иара иажәақәа рыла,  Қырҭтәыла иадҳәалоу уажәтәи ахҭысқәа зегьы Урыстәыла ала Украина ажәылара  иахылҵит.

«Аибашьра инагӡоит, ҳәарада, Қырҭтәылагьы абри аиҿагылара атеатр иалахәып. Лымкаала, Қырҭтәылантә иаҳәоит еилыкка апозициа аарҧшра. Зҵаарақәак ҳрықәшҳаҭуп, зҵаарақәак ҳазрықәшаҳаҭхом, ҳаиҳабыра Урыстәыла иаҿамгыларц рыӡбеит, убри азоуп ҳаиҳабыра акритика зырзыруа. Уи еилкаауп, аха, ҳара, Америка аган аҟынтә хымҧада ҩ-партикатәи адгылара ҳамазароуп.

Убри аҟынтә, Америка администрациа ҿыц, Конгресс, Сенат уҳәа, рызынтәгьы аус рыцура ҳазыхиоуп, ҳаизыҟазаашьақәа зинла еиҟароу апартниорцәа рпозициахь архынҳәразы», – иҳәеит Гиа Вольски.