Гиа Џьаҧариӡе - Ҳара аиааира асиа еиқәҳаршәоит, аҩбатәи аҭыҧаз ҳҽазыҟаҳҵом, аиааиразы ҳҽазыҟаҳҵоит
«Агәра шәсыргар сҭахуп, ҳара аиааира асиа шеиқәҳаршәо, аҩбатәи аҭыҧаз ҳҽазыҟаҳҵом, ҳара «Ақырҭуа гәахәтәы» аҵархаразы ҳҽазыҟаҳҵоит. Акыраамҭа ҳаззыҧшыз ақәҿиара ҳзаазгаша асиа ҳамоуп», — иҳәеит «Акзаара — Амилаҭтә ҵысра» алидерцәа иреиу Гиа Џьаҧариӡе.
Гиа Џьаҧариӡе ишиҳәаз ала, дара реидгыла арҭбаара иазыхиоуп.
«Ҳара еснагь ҳаидгыла арҭбаара ҳазҿлымҳан, аха, ишубарҭоу ала, уи зыҟамлеит. Ақырҭуа гәахәтәы» ианаҵахалак акаолициатә аиҳабыра аиҿкаара ҳазыхиоуп, — иҳәеит Џьаҧариӡе.
Иара убас, Гиа Џьаҧариӡе ишиҳәаз ала, «Ақырҭуа гәахәтәы» асиа иану ауааҧсыра атәылаҿ апроблемақәа изырыӡбом.
««Ақырҭуа гәахәтәы» рсиа збеит. Арҭ ауаа Қырҭтәыла аусурҭадара аҧыхреи, аусуратә ҭыҧқәа раҧҵареи, атәым инвестициақәа рыдаҧхьалареи шрылшо сыздырӡом. Схахьы исзаагом ари асиа иану ауааҧсыра еидтәаланы, Қырҭтәыла Евроеидгыла ишалалаша азҵаара ишалацәажәо. Арҭ ауаа иахьа иҳамоу апроблемақәа рыӡбара шрылшо сзеилкаауам», — иҳәеит Гиа Џьаҧариӡе.