Гиа Барамиӡе ишаицҳаз, иаԥҵаз аусуратә гәыԥ абҵара 22-нӡа "Амилаҭтә ҵысра" ахантәаҩы иалхра апроцедура аус аднаулоит
Гиа Барамиӡе ишаицҳаз, иаԥҵаз аусуратә гәыԥ абҵара 22-нӡа "Амилаҭтә ҵысра" ахантәаҩы иалхра апроцедура аус аднаулоит

Апартиа “Амилаҭә ҵысра” алахәыла Гиа Барамиӡе ишаицҳаз, иаԥҵаз аусуратә гәыԥ абҵара 22-нӡа “Амилаҭтә ҵысра” ахантәаҩы иалхра апроцедура аус аднаулоит. Ари агәыԥ иалоуп анеитралтә позициа змоу ауаа.

«Ҳинтересқәа ирылоуп алхрақәа излаҳалшо ала ирласны мҩаԥаагарц. Ҳаццакыроуп, аха алегитимациа аганахьала азҵаарақәа ицәырымҵырц азы, ахшыҩ азышьҭны ҟаҳҵароуп. Ҳара ҳхықәкы хадақәа иҳхамшҭроуп. Михеил Саакашвили иҭагылазаашьа цәгьоуп, уи ахәышәтәразы даҽа тәылахь диагатәуп. Иара убас аполитбаандаҩцәа Ника Гварамиеи егьырҭ аполитбаандаҩцәеи рхы иақәиҭтәуп», — иҳәеит Гиа Барамиӡе.