Герт Иан Копман  - Қарҭ аибарххара ӷәӷәоуп, аҭыԥ рымоуп аескалациеи аполиаризациеи, ааԥхьара ҟасҵоит амцашоура ладырҟәырц
Герт Иан Копман - Қарҭ аибарххара ӷәӷәоуп, аҭыԥ рымоуп аескалациеи аполиаризациеи, ааԥхьара ҟасҵоит амцашоура ладырҟәырц

«Аҩбатәи аԥхьарала ирыдыркылаз «Атәым нырра аартызаара» иазку азакәанпроект уажәтәи асахьала иудыукылартә иҟам, уи Евроеидгыла ашҟа алаларазы идуӡӡоу аԥынгылоуп», — иҳәеит Агәылареи арҭбааразы аиҿцәажәарақәеи рызҵаарақәа рзы Еврокомиссиа адиректор хад Герт Иан Копман.

Копман иажәақәа рыла, жәпунктк рыла апрогресс иҳәаақәҵоуп, аха урҭ рынагӡаразы макьана аамҭа ыҟоуп.

«Агәынамӡара аасырԥшыр сҭахуп. Қырҭтәыла амҩақәа рҿы амчылара иубоит. Ари ҳаҿагылоит. Ҳхада ари иаҵшьны иазгәеиҭеит. Аҩбатәи аԥхьарала ирыдыркылаз «Атәым нырра аартызаара» иазку азакәанпроект уажәтәи асахьала иудыукылартә иҟам, уи Евроеидгыла ашҟа алаларазы идуӡӡоу аԥынгылоуп.

Жәпунктк рыла апрогресс иҳәаақәҵоуп, аригьы бааԥсуп, аха урҭ рынагӡаразы макьана аамҭа ыҟоуп. Ҳара цәыббразы абжьагарақәа аус ҳрыдаҳулоит, аҳасабырба жьҭаара ма абҵаразы цәыраагоит. Аамҭа ыҟоуп, ампыл аиҳабыра рнапаҿы иҟоуп. Сашәқәа еснагь аартуп. Ақырҭуаа Евроеидгыла азааигәахара шырҭаху издыруеит, реиҳабырагьы ари шырҭаху агәра згоит», — иҳәеит Герт Иан Копман.

Компан ишазгәеиҭаз ала, «Атәым нырра аартызаара» иазку азакәани европати ахынааӡарақәеи еимарам аилкаарақәа роуп.

Қарҭ аибарххара ӷәӷәоуп, аҭыԥ рымоуп аескалациеи аполиаризациеи, ааԥхьара ҟасҵоит амцашоура ладырҟәырц,- иҳәеит Агәылареи арҭбааразы аиҿцәажәарақәеи рызҵаарақәа рзы Еврокомиссиа адиректор хада  Герт Иан Копман.