Гермнтәыла имҩаԥысуа ацәыргақәҵа "Амчыбжь еҵәа 2023" аҿы ақырҭуа стенд иазкны жәларбжьаратәи акьыԥхь аҿы ирҩит
“Иреиӷьу хаҷапури….. Иссиру афҩы змоу ақырҭуа ҩы”, – абри еиԥш аҳәамҭа ҟаиҵеит Германтәыла афатәаалыҵи ақыҭанхамҩеи афедералтә рминистр Џьем Оздемир жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа “Амчыбжь еҵәа 2023” (Gruene Woche 2023) аҿы ақырҭуа стенд аҟны ақырҭуа аалыҵ агьама аниба, – иануп германтәылатәи Allgemaine Zeitung аҿы.
Қырҭтәыла Ақыҭанхамҩеи аԥсабарахьчареи рминистрра адгылара ала, Берлин имҩаԥысуа зегь реиҳа зымҽхак ҭбаау ацәыргақәҵа “Амчыбжь еҵәа 2023” ақырҭуа стенд цәыргоуп. Астенд аҿы аарԥшуп 16 еилахәырақәа раалыҵ. Урҭ аҳәынҭқарра абенефициарцәа роуп.
Астенд гәарҭеит Германтәыла афатәаалыҵи ақыҭанхамҩеи афедералтә рминистр Џьем Оздемири, Белин ахада, Германтәыла асоциал-демократиатә партиа алахәыла Франциска Геифи, ақыҭанхамҩа ахырхарҭақәа рзы еврокомиссар Иануш Вочиечивска.
Ақырҭуа стенд данахцәажәоз,Германтәыла афатәаалыҵи ақыҭанхамҩеи афедералтә рминистр Џьем Оздемир ишазгәеиҭаз ала, Германтәыла Қырҭтәыла Евроеидгылаҿ аинтеграциа адгылоит,