Германтәылеи, Франциеи, Польшеи рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьа иазкны аҳәамҭа еицыҟарҵеит
«Аҳәынҭқарра анапхгара иҟанаҵо ашьаҿақәа ирыбзоураны Қырҭтәыла адәныҟатәии аҩныҵҟатәии аҭышәынтәаламра аҿаԥгьа игылоуп. Ҳара ақырҭуа жәлар рдемократиатәи европатәи ргәазыҳәарақәа рыдгылара ҳгәы ишҭоу иазгәаҳҭоит», – иануп Германтәылеи, Франциеи, Польшеи рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа Анналена Бербоки, Жан-Ноель Баррои, Радослав Сикорскии еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.
Аҳәамҭаҿ ишану ала, “Веимартәи ахкәакь” иалоу адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Қырҭтәыла анапхгаратә партиа “Ақырҭуа гәахәтәы” Евроеидгыла алаларазы аиҿцәажәарақәа 2028 шықәсанӡа раанкылареи, Евроеидгыла аҟынтәи афинансттә цхыраара мап ацәкреи ирызкны аднакылаз аӡбамҭа иадҳәаланы агәынамӡара аадырԥшуеит. Ари, Қырҭтәыла Аконституциа ала иазыахьагәаҭоу ақырҭуа жәлар европатәи ргәазыҳәарақәа ирҿагылоит.
Аҳәамҭаҿы иазгәаҭоуп, Германиа, Франциа, Польша адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа аҭынч мҩала адемонстрациақәа мҩаԥызго ауаԥсыра ирҿагыланы еиҟарам амч ахархәареи аоппозициааи аихқәеи ркыдцалареи ӷәӷәала иақәыӡбоит ҳәа.