Германтәылатәи атуроператорцәа Қырҭтәыла ахырхарҭала активтә усура иалагоит
Германтәылатәи атуроператорцәа Қырҭтәыла ахырхарҭала активтә усура иалагоит

Германтәылантә аԥхьагылара змоу атуроператорцәеи амаркетингтә агентра KPRN хаҭарнакцәеи Атуризм азы амилаҭтә администрациа иаҭааит.

B2B аформат аҳәаақәа ирҭагӡаны, германтәылатәи атуроператорцәа ақырҭуа рколлегацәа ирԥылан, атурқәа еицымҩаԥгаразы еиқәшаҳаҭхеит.

„Атур амшала Қырҭтәыла иазкны адыррақәа рацәаны ҳауит. Германтәылатәи атуроператорцәа ақырҭуа рколлегацәа ирԥылеит. Атуристтә ҭыԥқәа ҳарҭааит, ақырҭуа чысқәа ргьама ҳбеит. Ҳареи атуроператорцәеи аус еицаауит шәтәыла аԥшӡареи ахкырацәареи атуристцәа ирҳарбарц азы”, – илҳәеит агентра  KPRN ахаҭарнак Александра Гамрот.

Германтәылатәи атуристтә еилахәырақәа 12 рхаҭарнакцәа Қырҭи Борџьоми иҟоу атуристтә инфраструктурақәа рбеит.