Германтәылатәи АИХқәа ишаарыцҳаз ала, Фридрих Мерц раԥхьатәи визит ала Украинаҟа ддәықәлоит
Германтәылатәи АИХқәа ишаарыцҳаз ала, Фридрих Мерц раԥхьатәи визит ала Украинаҟа ддәықәлоит

Германтәыла аканцлер ҿыц Фридрих Мерц раԥхьаӡатәи визитла Украина ддәықәлоит. Ари аанацҳаит Welt.

Берлини Бриуссели рҿы амоу ахыҵхырҭақәа рдыррақәа ҵаҵӷәыс аҭаны акьыԥхь ишаанацҳауа ала,  лаҵара алагамҭазы Мерц визитла Украина ддәықәлар ҟалап, авизит аус адулара иалагахьеит.

Welt аинформациала, авизити лаҵара 9 рзы Киев имҩаԥысран иҟоу “Аҭахцәа ркоалициа” асаммити аамҭакала мҩаԥгахоит. Асаммит ихы алаирхәоит Польша аԥыза-министр Дональд Туск.

Фридрих Мерц Украина 2024 шықәсазы Украина даҭааит Германтәыла аоппозициатә партиа алидер иаҳасабала. Усҟан уи Украина ахада Володимир Зеленски диԥылеит.