Германтәыла имҩаҧысуа Европатәи асоциал-демократиатә партиа жәларбжьаратәи аконгресс аҿы ирыдыркылаз арезолиуциаҿы Қырҭтәыла европатәи аперспектива адгылара иазку анҵамҭа ҟаҵоуп
Германтәыла имҩаҧысуа Европатәи асоциал-демократиатә партиа (PES) жәларбжьаратәи аконгресс аҿы ирыдыркылаз арезолиуциаҿы Қырҭтәыла европатәи аперспектива адгылара иазку анҵамҭа ҟаҵоуп.
Арезолиуциаҿы ишазгәаҭоу ала, аконгресс алахәылацәа Украинеи Молдовеи астатус ранашьареи Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара аперспективеи иақәшаҳаҭуп.
«Ҳара Украинеи Молдовеи астатус ранашьареи Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара аперспективеи ҳақәшаҳаҭуп. Абарҭ атәылақәа рҧеиҧш Евроеидгыла иадҳәалоуп, уи излауа ала ирласны иҟалар ҳҭахуп, акритериқәа зегьы анынарыгӡалак ашьҭахьҵәҟьа», – иануп арезолиуциаҿы.
Берлин имҩаҧысуеит Европатәи асоциал-демократиатә партиа (PES), жәларбжьаратәи аконгресс, уи иалахәып «Ақырҭуа гәахәтәы» аделегациагьы. Аделегациа дахагылоуп апартиа ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.