Германтәыла ацҳаражәҳәара апресс-спикер  - Михаила Саакашвилии Гиги Каландаӡеи ирҿагыланы Германтәыла ашьауҕаус мҩаҧгамызт, убри аҟынтә,  аӡәгьы ахара идымызт,  аӡәгьы дыриашамызт
Германтәыла ацҳаражәҳәара апресс-спикер  - Михаила Саакашвилии Гиги Каландаӡеи ирҿагыланы Германтәыла ашьауҕаус мҩаҧгамызт, убри аҟынтә,  аӡәгьы ахара идымызт,  аӡәгьы дыриашамызт

Германтәыла ацҳаражәҳәара апресс-спикер ишиҳәаз ала,  Михаила Саакашвилии Гиги Каландаӡеи ирҿагыланы Германтәыла ашьауҕаус мҩаҧгамызт.

«Германтәыла ацҳаражәҳәара иаҵшьны иазгәанаҭоит  Гиги Каландаӡеи Қырҭтәыла ҧасатәи ахада  Михаила Саакашвилии  ирҿагыланы Германтәыла ашьауҕаус шымҩаҧгамыз.  Аӡәгьы ахара идымызт,  аӡәгьы дыриашамызт», — иазгәаҭоуп ацҳаражәҳәара апресс-спикер иҳәамҭаҿы.

Иацы Михаил Саакашвили асоциалтә аҳаҿы иҩит германтәылатәи аӡбарҭа Гиги Каландаӡе ахара иқәнахызшәа.

«Иацы германтәылатәи аӡбарҭаҿ Гиги Каландаӡе ддыриашеит,  аргумент ҳасабала иааргеит ииашамкәа саанкылара афакт», — иҩит  Саакашвили.