Германтәыла ацҳаражәҳәарҭа -  Қырҭтәыла апарламент иаднакылаз азакәанпроект  LGBTQI агәыҧ иаҵанакәа ауаа рдискриминациа иазкуп,  Қырҭтәыла ахатә хырхарҭа аҧсахра иабжьаагоит
Германтәыла ацҳаражәҳәарҭа -  Қырҭтәыла апарламент иаднакылаз азакәанпроект  LGBTQI агәыҧ иаҵанакәа ауаа рдискриминациа иазкуп,  Қырҭтәыла ахатә хырхарҭа аҧсахра иабжьаагоит

«Қырҭтәыла апарламент иаднакылаз азакәанпроект  LGBTQI агәыҧ иаҵанакәа ауаа рдискриминациа иазкуп», — иануп Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу ала, ари азакәанпроект Қырҭтәыла Евроеидгылантә иаҳа иацәыхаранатәуеит.

«Қырҭтәыла апарламент иаднакылаз азакәанпроект  LGBTQI агәыҧ иаҵанакәа ауаа рдискриминациа иазкуп. Венециатәи акомиссиа ишазгәанаҭаз ала, ари азакәан ауаа ртәылауаҩратә зинқәа ланарҟәеит, Қырҭтәыла Евроеидгылантә иаҳа иацәыхаранатәуеит.    Қырҭтәыла ахатә хырхарҭа аҧсахра иабжьаагоит!», — иануп Германтәыл ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.