Германтәыла аиҳабыра Қырҭтәылеи Молдовеи ишәарҭам атәылақәа реиқәыҧхьаӡа ианырҵеит
Германтәыла аиҳабыра Қырҭтәылеи Молдовеи ишәарҭам атәылақәа реиқәыҧхьаӡа ианырҵеит. Аминистрцәа атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр лзакәанпроект шьақәдырҕәҕәеит.
Азакәан ҿыц инақәыршәаны, зыӡбахәы ҳәоу аҳәынҭқаррақәа ртәылауаа Германтәылаҿ ахыҵакырҭа аиура иаҳәар, урҭ рырзаҳалқәа ирыхәаҧшуеит ирласу арежимла, мап зцәыркуа ауааҧсыра рдепортациа апроцедурагьы дырццакуеит.
Германтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, 2022 шықәсеи 2023 шықәса актәи азбжеи азы Германтәыла ахыҵакырҭа иаҳәаз Қырҭтәылеи Молдовеи ртәылауаа рҟынтәи 99,9% мап рцәыркит.