Германтәыла Афедеративтә канцелиариаҿ имҩаԥган Қырҭтәыла аԥыза-министр иԥылара аофициалтә церемониа
Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Германтәыла Афедеративтә республикаҿ аофициалтә визитла дыҟоуп. Германтәыла Афедеративтә республика аканцелиариаҿ имҩаԥган Қырҭтәыла аԥыза-министр иԥылара аофициалтә церемониа.
Иракли Кобахиӡеи аиҳабыратә делегациеи идикылеит Германтәыла афедералтә канцлер Олаф Шольц. Иракли Кобахиӡеи Олаф Шольци ишиашо реиҧылара ашьҭахь, аиҿцәажәарақәа нагӡахоит ирҭбаау аформатаҿ, уи рхы аладырхәоит аҩ-ҳәынҭқаррак реиҳабырақәа рылахәылацәа.