Георгий Гахариа иҳәамҭала, иара апартиатә протест акәымкәа, жәлартә протест мацара дадгылоит
Апартиа «Гахариа — Қырҭтәылазы» алидер Гьаргь Гахариа иҳәамҭала, иара апартиатә протест акәымкәа, жәлартә протест мацара дадгылоит. Ажурналист Гахариа диазҵааит егьырҭ аоппозициатә партиақәа рпротест дадгылома ҳәа.
«Ҳәарада, жәлартә протес ҳадгылоит….апартиатә – мап. Апартиатә протест ҳҭаххар, ҳара ҳхала амитинг еиҿаҳкаауеит, шәгәы ишҧаанаго, амитинг аиҿкаара уадаҩума?» — иҳәеит Гьаргь Гахариа.
Гахариа игәаанагарала, уажәы рымчқәа зегьы еизганы, Қырҭтәыла атәылауаҩ цыҧхьаӡа ибжьы рыхьчароуп.