Сиҕнаҟтәи амуниципалитет, ақырҭуа-азербаиџьантәи аҳәааҿ аҭырқәа ҳаирплан ахькаҳаз аҭыҧ даҭааит Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гека Гелаӡе.
Гека Гелаӡе ицны аҭыҧахь инеит ихаҭыҧуаҩ Роланд Месхьии, Кахеҭи арегионаҿ аҳәынҭқарра ахаҭарнак Гьаргь Аладашвилии, аминистрра иашьашәалоу аҟәшақәа рхаҭарнакцәеи.
Ҭырқәтәыла арратә ҳаиплан C130 „Қырҭтәыла аеронавигациа“ арадар аҟынтә ибжьаӡит Қырҭтәыла аҳәаа ианахыс ашьҭахь минуҭқәак рнеҩс, ашәарҭара адырра ҟамҵакәа, убри анеҩс, „Қырҭтәыла аеронавигациа“ аҧшаара-аиқәырхаратә усурақәа рымҩаҧгара иалагеит.
Аҭырқәа ҳаирплан иахьынтәаауаз азербаиџьантәи ақалақь Гианџьа аҳаирбаҕәазеи аҭырқәа агани адырра рырҭахьеит.
Ҭырқәтәыла Атәылахьчара аминистрра ишьақәнарҕәҕәеит ақырҭуа-азербаиџьантәи аҳәааҿы аҭырқәа арра-транспорттә ҳаирплан C-130 шкаҳаз.