«Гахариа Қырҭтәылазы» — Гьаргь Гахариа аҳәаанырцә дыҟоуп, Аусеилыргаратә комиссиа анахарала иацәажәара иақәшаҳаҭым
«Гахариа Қырҭтәылазы» — Гьаргь Гахариа аҳәаанырцә дыҟоуп, Аусеилыргаратә комиссиа анахарала иацәажәара иақәшаҳаҭым

Апартиа  «Гахариа Қырҭтәылазы» ахаҭарнакцәа Гьаргь Гахариа Аусеилыргаратә комиссиа аилатәарашҟа иҧхьара иадҳәаланы аҳәамҭа ҟарҵеит.

Апартиа аҳәамҭа ишану ала, Гахариа акомиссиашҟа иҧхьеит рашәара 23 рзы, аха, иара аҳәаанырцә дыҟоуп, анахарала акомиссиа аусура аҽалархәра дазыхиоуп.

Апартиа ахаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, акомиссиа Гахариа анахарала иацәажәара иақәшаҳаҭым.

«Ишыжәдыруа еиҧш, Гьаргь Гахариа изныкымкәа акомиссиа аилатәарашҟа днеихьеит  —  2025 шықәса мшаҧы 14 рзы  6 сааҭк иҿахәы имырхуан.

Акомиссиахь ҩынтә адырра ҟаҳҵеит  Гахариа уажәгьы акомиссиашҟа анеира дшазыхиоу азы. Аха, иара заанаҵы еиҿкааз авизитла аҳәаанырцә дыҟоуп, убри аҟынтә, анахарала акомиссиа аилатәара аҽалархәра дшазыхиоу иҳәеит.

Акомиссиа алахәылацәа анахагара Гахариа иацәажәара иақәшаҳаҭымхеит.

Рашәара 22 рзы ҳара аофициалла адырра ҳауит Гьаргь Гахариа рашәара 23 рзы акомиссиа аилатәарашҟа ишиҧхьо, уи изакәызаалак аобиективтә аилыркаарак узаҭом», — иануп апартиа  «Гахариа Қырҭтәылазы» аҳәамҭаҿы.

Апартиа «Гахариа Қырҭтәылазы» алидер, ҧасатәи аҧыза-министр Гьаргь Гахариа Аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аилатәарашҟа еиҭаиҧхьеит. Акомиссиа алахәылацәа Чорчана ақыҭан аҧыҧшырҭа аартра аҭагылазаашьақәа ирыдҳәаланы  Гьаргь Гахариа иахь азҵаарақәа рымоуп.