Гахариа ипартиа "Қырҭтәылазы" иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рфинансқәа раартызаара иазкны альтернативатә аԥшьгарала иқәгылоит
Гахариа ипартиа “Қырҭтәылазы” иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рфинансқәа раартызаара иазкны альтернативатә аԥшьгарала иқәгылоит.
Апарламент алахәыла Беқа Лилуашвили иахьатәи апрессконференциа аҿы ишааицҳаз ала, “аурыс закәан” ақәыргылара амзыз аартызаара акәӡам, избан акәзар анапхгара адыррақәа зегьы рымоуп, аиҿкаарақәа ари аинформациа егьаладырҵәоит.
“Агрантқәеи” “Аҳасабеилыргаратә ҭагалареи, аудити, аҳасабырбареи” ирызку азакәанқәа аԥсахрақәа ирылалоит. “Агрантқәа” ирызку азакәан агрант аиуреи урҭ рныхреи ирхылаԥшуеит. Агрант зауз дарбанзаалак ахаҿы хымз аҳасабырбатә ашықәс ахыркәшара ашьҭахь, хымз ирылагӡаны аусзура иазку аҳасабырба ааирԥшыроуп. Аԥсахрақәа рыла ареестр аҭаҩра иазыԥхьагәаҭам.
Ҳара ҳаԥшьгара ала аартызаара ду ҟалоит, уи ала “Ақырҭуа гәахәтәы” иқәнаргылаз азакәан адкылара актуалра ацәыӡуеит”, – иҳәеит Лилуашвили.