Гаррет Уорд -  «Ақырҭуа гәахәтәы» рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит амчылара зхароу ауаа зегьы аҭакҧхықәра рыдҵара еиқәдыршәарц
Гаррет Уорд -  «Ақырҭуа гәахәтәы» рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит амчылара зхароу ауаа зегьы аҭакҧхықәра рыдҵара еиқәдыршәарц

Британиа Ду ацҳаражәҳәарҭа уажәааны Қырҭтәыла иҟалаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы ацҳаражәҳәаҩ   Гаррет  Уорд иҟаиҵаз аҳәамҭа аланарҵәеит.

Аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу ала,  «аоппозициатә политикцәа рганахьала амчылара аиҭалагареи, ажурналистцәеи адемонстрантцәеи раанкылареи ҟамлароуп».

Убри адагьы, Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ  «Ақырҭуа гәахәтәы» рахь ааҧхьара ҟаиҵоит амчылара зхароу ауаа зегьы аҭакҧхықәра рыдҵара еиқәдыршәарц.

«Қырҭтәыла аполитикатә кризис инагӡоит, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы иаҳа узыргәамҵша афактқәа ҟалеит.

Аоппозициатә политикцәа рганахьала амчылара аиҭалагареи, ажурналистцәеи адемонстрантцәеи раанкылареи ҟамлароуп. «Ақырҭуа гәахәтәы» рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит амчылара зхароу ауаа зегьы аҭакҧхықәра рыдҵара еиқәдыршәарц.

Қырҭтәыла, Европа Ахеилак иалахәы атәыла аҳасабала, ахатә тәылауаа рхадаратә зинқәеи рхақәиҭрақәеи ахьчароуп.

Убри азоуп иахьа Британиа Ду, Европа Ахеилак аҿы, ахатә европатәи апартниорцәа ирыдгыланы, адемонстрантцәеи, АИХқәа рхаҭарнакцәеи, аполитикцәеи рганахьала амчылара иааҧҵәаны изақәыӡбаз», — иҳәеит  Гаррет Уорд.