Galt & Taggart апрогноз ала, ашықәс анҵәамҭазы арефинансркратә зыԥҵәа 8%-нӡа илаҟәоит
Аҭцааратә аиҿкаара Galt & Taggart апрогноз ала, Қырҭтәыла Амилаҭтә Банк ашықәс анҵәамҭазы арефинансркра азыԥҵәа 8%-нӡа ланарҟәоит ,– иануп аинвестициатә банк апрогноз аҿы.
Амилаҭтә банк амонетартә политиказы акомитет аӡбарала, 2024 шықәса хәажәкыра 13 рзы арефинансркратә зыԥҵәа 0.75%-ла имаҷхан, 8.25% иаҟарахеит. Илаҟәу инфлиациа иазыԥхьагәаҭаны, Амшын Ҟаԥшь аҿы иҟоу акризис афонаҿы арефинансркратә зыԥҵәа иацҵаны 0.25%-ла маҷхан, 8% иаҟарахеит, – иануп аинформациа аҿы.
Амилаҭтә банк амонетартә политиказы акомитет иашьҭанеиуа еилатәара 2024 шықәса лаҵара 8 рзы мҩԥгахоит.