Galt & Taggart – Акандидат астатус анашьара абзоурала, 2024 шықәсазы Қырҭтәыла иазку азҧхьагәаҭарақәа еиҕьхоит
Аҭҵааратә аиҿкаара Galt & Taggart 2024 шықәсазы Қырҭтәыла аекономикатә азҧхьагәаҭарақәа ирызку аҳасабырба цәырнагеит. Аҳасабырбаҿы еиуеиҧшым асценариқәа ирылацәажәоит.
Адокументаҿ ишазгәаҭоу ала, акандидат астатус анашьара абзоурала, 2024 шықәсазы Қырҭтәыла иазку азҧхьагәаҭарақәа еиҕьхоит. Убри аҟынтә, 2024 шықәса азыҳәан 2 сценарик аус рыдырулеит – абазатәи аоптимисттәи.
Абазатә сценари инақәыршәаны, 2024 шықәсазы Қырҭтәыла аекономика азҳауеит 5,4%-ла. Абжьаратә аиҭныҧсахларатә курс лари/адоллари лари/еврои 2,7-3,0 аҳәаақәа ирҭыҵуам.
Аоптимисттә сценари инақәыршәаны, акандидат астатус абзоурала, ахархәаҩцәеи аинвесторцәеи ргәалаҟазаара еиҕьхоит.
«Убри аҟынтә, аоптимисттә сценари инақәыршаны, 2024 шықәсазы Қырҭтәыла аекономика азҳауеит 6,0%-ла. Абжьаратә аиҭныҧсахларатә курс лари/адоллари лари/еврои 2,65 и 2,95 лари аҳәаақәа ирҭыҵуам», — иануп адокумент аҿы.