Габриелус Ландсбергис – Иахьа Қырҭтәылеи Европеи рзы илахьеиқәҵароу мшуп, азакәан адкылара амшала Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс аанкылоуп
Габриелус Ландсбергис – Иахьа Қырҭтәылеи Европеи рзы илахьеиқәҵароу мшуп, азакәан адкылара амшала Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс аанкылоуп

«Иахьа Қырҭтәылеи Европеи рзы илахьеиқәҵароу мшуп», — иҩит Литва адәныҟатәи аусқәа рминистр Габриелус Ландсбергис асоциалтә аҳаҿы.

Ландсбергис  Қырҭтәыла апарламент ала атәыла ахада ари азакәан иақәылҵаз вето аиааира дахцәажәеит.

«Ари азакәан адкылара амшала Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс аанкылоуп. Уи аӡәгьы хырҳагара изаанагом» — иҩит Ландсбергис.

Иахьа  Қырҭтәыла апарламент атәыла ахада Саломе Зурабишвили «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан иақәылҵаз вето иаиааит.

.