G7 - Урыстәыла иампыҵакылоу Украина аҟны Бучеи егьырҭ аҭыԥқәеи рҿы имҩаԥгаз агәымбылџьбара жәларбжьаратәи зин аилагара хьанҭаны иԥхьаӡоуп
G7 - Урыстәыла иампыҵакылоу Украина аҟны Бучеи егьырҭ аҭыԥқәеи рҿы имҩаԥгаз агәымбылџьбара жәларбжьаратәи зин аилагара хьанҭаны иԥхьаӡоуп

Аргәаҟрақәа зхызгаз аԥсыбаҩқәа аазырԥшуа акадрқәа, гәҭакылатәи ауаҩшьра, асеқсуалтә мчмырхареи  Урыстыла Украина имҩаԥнаго агәымбылџьбаратә аибашьра зеиԥшроу иунарбоит, – иануп G7 аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.

Аҳәамҭаҿ игану ала, Урыстәыла ала импыҵахалоу Буча ақалақи Украина егьырҭ ақалақьқәеи рҿы аҭыԥ змаз амассатә нырҵәара жәларбжьаратәи зин аилагара хьанҭас иԥхьаӡоуп.

G7 иалоу атәылақәа Урыстәыла ахада иахь  ааԥхьара ҟарҵоит аимактә зонаҿ агуманитартә цхыраара гәыԥқәа аусура алшара рииҭарц  арҭ азонақәа рҟынтә ауааԥсыра ревакуациа амҩаԥгаразы.

G7 иалоу атәылақәа Урыстәыла арбџьармчқәа афинанстәи арратә техникеи рыла ацхыраара шазыхиоу иазгәарҭеит.

G7 иалоуп Канада, Франциа, Германтәыла, Италиа, Иапониа, Британиа Ду, ЕАШ.

Урыстәыла ари аиҿкаара иалалеит 1998 шықәсазы, аха 2014 шықәса, Ҟрымтәи аннексиа ашьҭахь, аиҿкаара иалырцеит.