Гьыргәал Лилуашвили Антикоррупциатә биуро анапхгаҩы диԥылеит

14:34, 04.11.2023

Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура анапхгаҩы Гьыргәал Лилуашвили Антикоррупциатә биуро анапхгаҩы Ражден Купрашвили диԥылеит.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аинформациала, аусуратә аиԥылараҿ иахцәажәеит Антикоррупциатә биуро аусзура ашьаҭатәи ахырхарҭақәеи, инагӡараны иҟоу аусурақәеи, наҟ-наҟтәи апланқәеи, акоррупциа аԥырҟәҟәаареи ари ахырхарҭала имҩаԥысран иҟоу ауснагӡатәқәеи.

Антикоррупциатә биуро анапхгаҩы дырзааҭгылеит ихадоу ааԥхьарақәеи априоритеттә хырхарҭақәеи.

Аиԥылараҿ ишазгәаҭаз, ҩганкалатәи аусеицура акоррупциеи аҳәынҭқарратә усзуҩцәа рыбжьара ацәгьоура иеффекту аҿагылареи ацхраауеит.

Еиԥшу