Гьаргь Вашаӡе Иракли Ҕарибашвили иахь ааҧхьара ҟаиҵеит абылтәы азы акциз аҧыхра иадҳәаланы
Гьаргь Вашаӡе Иракли Ҕарибашвили иахь ааҧхьара ҟаиҵеит абылтәы азы акциз аҧыхра иадҳәаланы

«Аҕмашенебели истратегиа» алидер  Гьаргь  Вашадзе Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иахь ааҧхьара ҟаиҵеит абылтәы азы акциз аҧыхра иадҳәаланы.

Вашаӡе ишиҳәаз ала, абри аҩыза ашьаҿала ирласнаы акризис иалҵыр рылшоит.

Иара убас, Вашаӡе ишазгәеиҭаз ала, аиҳабыра рнапхгаҩы иҟаиҵаз аҳәамҭа уажәазы атәылаҿы иҟоу иуадаҩӡоу аҭагылазаашьа иашьашәалам.

«Иацтәи акциа алахәылацәа иҟарҵаз аҳәара мариоуп   —  абылтәы азы акциз аҧыхра. Афинансқәа рминистр апарламент аҿы даныҟазгьы изныкымкәа иаҳҳәеит абылтәы азы акциз иаҧыхтәуп ҳәа.

500 миллион абиуџьеттә хашәала ауп ҳазлацәажәо. Акциз  иаҧыхзар  иаанхои? Абиурократцәа ирышәҭо абонусқәеи еиуеиҧшым аиҿкаарақәа қьырала ирго акоординаторцәа  рџьаусҧсеи. Убри аҟынтә,  ҳаҭыр зқәу Иракли,  ажәлар ирҳәаз шәазыӡырҩы. Сара апротест ҟазҵо ауаа срықәшаҳаҭуп. Акциз иаҧыхтәуп. Уи акризис алҵразы иреиҕьу мҩоуп», — иҳәеит Гьаргь Вашаӡе.