Гьаргь Вашаӡе - «Ақырҭуа гәахәтәы» Шарль Мишель идокумент анапаҵаҩрала иаҵахеит ҳәа ирыҧхьаӡоит
Иахьа, Ҭалакваӡе инапынҵақәа анышьҭеиҵа, лабҿаба иубарҭахеит «Ақырҭуа гәахәтәы» аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩрала иаҵахеит ҳәа ргәы ишаанаго, — иҳәеит «Аҕмашенебели истратегиа» алидер Гьаргь Вашаӡе.
Аполитик ишиҳәаз ала, «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа атәылаҿы аполитбаандаҩцәа шыҟоу азхаҵареи дара рхақәиҭтәра амеханизм ақәшаҳаҭхареи рықәшәеит.
«2020 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа рзакәанара иадҳәаланы азҵаарақәа шыҟоу азхаҵара рықәшәеит. Ҳнапы зҵааҩыз адокумент аҿы ареферендум амҩаҧгара амеханизм иҟоуп. Аоппозициа аҟынтә сколлегацәақәак абри аиқәшаҳаҭра аоппозициаа раҵахара ауп ҳәа ргәы иахьаанаго сгәы иалоуп. Иахьатәи амш аамышьҭахь зегьы еилкаахеит ҳәа сгәы иаанагоит. Уажәы ҳара, ҳаидгныланы аусура ҳалагароуп. Ҭалакваӡе иҭыҧ аанижьит, уажәшьҭа «Ақырҭуа гәахәтәы» аиқәшаҳаҭра иану компоненткгьы мап ацәкра рылшом, избанзар аиқәшаҳаҭраҿы еилыкка иарбоуп уи анагӡара аконкреттә аҿҳәара. Аиқәшаҳаҭра анагӡара Қырҭтәылеи Америкеи рстратегиатә еизыҟазаашьақәа ирыдҳәалоуп», — иҳәеит Вашаӡе.