Гьаргь  Вашаӡе  - Аиҭакрақәа раамҭа ааит, ааи, ҳара анапхгара ҳаҧсахуеит
Гьаргь  Вашаӡе  - Аиҭакрақәа раамҭа ааит, ааи, ҳара анапхгара ҳаҧсахуеит

«Аиҭакрақәа раамҭа ааит, ааи, ҳара анапхгара ҳаҧсахуеит», — иҳәеит апартиа  «Аҕмашенебели истратегиа» алидер Гьаргь Вашаӡе  «Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы  Леван  Хабеишвилии иареи еицымҩаҧыргаз аӡыргараҿы –  «Аџьауҧса маҷ аусурдаҭароуп иаанаго».

Вашаӡе ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла атәылауаҩ, иҧсадгьылаҿ иахәҭоу аҧсҭазаашьа имазароуп.

«Аиҭакрақәа раамҭа ааит. Аулафахә дуи  аусурҭеи ҳҭахызар,  ахәқәа рыцымлар ҳҭахызар, ҳемигрантцәа ихынҳәыр ҳҭахызар, аиҭакрақәа мҩаҧаагароуп.

Сара иаартны исҳәоит. Ааи, ҳара анапхгара ҳаҧсахуеит, европатәи абжьагарақәа зегьы наҳагӡоит, Евроеидгыла ҳалалоит, европатәи америкатәи инвестициақәа адҳаҧхьалоит, аемигрантцәа Қырҭтәылаҟа ихынҳәуеит, Қырҭтәыла атәылауаа иахәҭоу аҧсҭазаашьа роуеит, аҭаацәа рхылҵ ирывагыланы аус руеит, апроцесс ииашаны имҩаҧысуеит», — иҳәеит Гьаргь Вашаӡе.