Гьаргь Цагареишвили агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩс дҟаҵоуп
Гьаргь Цагареишвили агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩс дҟаҵоуп

Агәабзиарахьчара аминистр ахаҭыҧуаҩ ҿыц диоуит. Агәабзиарахьчара аминистрра адыррала,  Михаила Сарџьвелаӡе ихаҭыҧуаҩс дҟаҵоуп апарламент алахәыла Гьаргь Цагареишвили.

2022 шықәса инаркны Гьаргь Цагареишвили Қырҭтәыла апарламент  10-тәи ааҧхьара алахәылас, иара убас,  афракциа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩс дыҟан.

2004-2016 шықәсқәа рзы Қырҭтәыла апарламент далахәын.  2017-2018 шықәсқәа рзы Гьаргь Цагареишвили Қырҭтәыла аҧсабаратә лагылазареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр ибжьагаҩс дыҟан.