Гьаргь  Шарвашиӡе Шәамахьтәылаҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дҟаҵоуп

Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет ҧасатәи аректор Гьаргь Шарвашиӡе Шәамахьтәылаҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дҟаҵоуп.

Шәамахьтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц диҧылеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.

Аҧыза-министр ипресс-маҵзура адыррала, аиҳабыра рнапхгаҩы ацҳаражәҳәаҩ ҿыц амаҵзура ҿыц идныҳәаланы, иусураҿы ақәҿирақәа изеиҕьеишьеит.

Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәылеи  Шәамахаьтәылеи аиҩызаратәи аигәыларатәи еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп, аганқәа рхаҭарнакцәа еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицура арҭбаара иақәгәыҕуеит.

Гьаргь  Шарвашиӡе  – арҵаҩратә  ҵарадыррақәа рдоктор, европатәи академиа алахәыла,  атәыла ахада лорден  «Акаҷҷара» ианашьоуп. Амонографиақәеи аҵарадырратә статиақәеи дравторуп.