Гьаргь Шарвашиӡе Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет Академиатә хеилак дадҵаалт ауниверситет аректор иҭыҧаҿы инапынҵақәа рышьҭаҵара иазку иҳәара нарыгӡарц
Гьаргь Шарвашиӡе Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет Академиатә хеилак дадҵаалт ауниверситет аректор иҭыҧаҿы инапынҵақәа рышьҭаҵара иазку иҳәара нарыгӡарц. Шарвашиӡе ари атәы иҩит асоциалтә аҳаҿы.
«Иахьа сара Академиатә хеилак арзаҳал аласҵеит снапынҵақәа рышьҭара иазкны. Сара ари аӡбара сыдыскылеижьҭеи крыҵуеит. Сыӡбара иазкны аргама исҳәеит Европатәи ауниверситетқәа рассоциациа ҳуниверситет ианаҭаз аинституциатә ахәшьара анеилкааха ашьҭахь.
Агәра ганы сыҟоуп ҳуниверситет ҳаҧхьаҟагьы европатәи амҩа ианыланы аҿира шынанагӡо», — иҩит Шарвашиӡе.