Гьаргь Мсхилаӡе ишааицҳаз ала, ахада «Атәым нырра алабҿабара» иазку азакәан вето ақәылҵоит
Қырҭтәыла ахада апарламенттә лмаӡаныҟәгаҩ Гьаргь Мсхилаӡе ишааицҳаз ала, ахада илымоу аконституциатә зин инақәыршәаны, «Атәым нырра алабҿабара» иазку азакәан вето ақәылҵоит.
Мсхилаӡе иажәақәа рыла, абиуро иахьатәи аилатәараҿ идҵаны иқәдыргылеит «Ақырҭуа гәахәтәы» иаԥшьыргаз «Атәым нырра алабҿабара» иазку азакәан иҭарымҩырц, ҵыԥх иҟаҵаз аҳәахьа нарыгӡарц.
«Ари азакәан ақәҿытрақәа зеиԥшраз ижәбеит. Евроеидгылеи Нато амаӡаныҟәгаҩ хадеи, жәларбжьаратәи ҳпартниорцәеи, астратегиатә ҳпартниорцәеи, ЕАШ-и рықәҿыҭра зеиԥшра иубарҭан. Урҭ ишырҳәаз ала, ари азакәан адкылара Қырҭтәыла евроинтеграциа иаԥырхагахоит ҳәа. Абиуро иахьатәи аилатәараҿ идҵаны иқәҳаргылеит «Ақырҭуа гәахәтәы» иаԥшьыргаз «Атәым нырра алабҿабара» иазку азакәан иҭарымҩырц, ҵыԥх иҟаҵаз аҳәахьа нарыгӡарц», — иҳәеит Гьаргь Мсхилаӡе.