Гьаргь  Мсхилаӡе  - Атәыла ахада лгәаанагарала, цәыббра  18 рзы ирыдыркылаз аӡбара аҧырырхаанӡа, абанк иадҳәалоу аҭагылазаашьа аҭыҧ иқәырҵаанӡа,  Амилаҭтә банк Ахеилак алахәызааразы аҿыц кандидатцәа рықәыгылара ахәҭам

«Иацы Амилаҭтә банк хҩык авице-ахадацәеи Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа назыгӡо лыбжьагаҩи рнапынҵақәа шьҭарҵеит.  Ишубарҭоу ала, цәыббра  18 рзы Амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа рынагӡаҩ  Амилаҭтә банк алахәылацәа рҟны еиқәшаҳаҭрада, лымацара ари аӡбара лыдылкылеит», — иҳәеит Қырҭтәыла ахада лпарламенттә маӡаныҟәгаҩ Гьаргь  Мсхилаӡе.

Иара иажәақәа рыла, атәыла ахада лгәаанагарала, цәыббра  18 рзы ирыдыркылаз аӡбара аҧырырхаанӡа, абанк иадҳәалоу аҭагылазаашьа аҭыҧ иқәырҵаанӡа,  Амилаҭтә банк Ахеилак алахәызааразы аҿыц кандидатцәа рықәыгылара ахәҭам.

«Ишыжәбаз еиҧш, акомитетаҿ акандидатцәа иқәыдмыргылеит. Уи алагьы иубарҭоуп дара рхала ари аӡбара шрыдыркылаз.  Аконституциа аилагара иадҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп, аиҳара роуп Аконституциа еилазго. Аконституциа ишану ала, Амилаҭтә банк ихьыҧшым институтуп, иарбаанзаалак аформала Амилаҭтә банк аусура аҽалагалара ҟалом», — иҳәеит  Гьаргь  Мсхилаӡе.