Гьаргь Кахиани  - Апартиақәа рахь ааҧхьара аҟаҵареи рызныҟәашьа аарҧшреи ала, атәыла ахада Аконституциа еилалгоит, Аконституциа инақәыршәаны,  апрезиденттә институт,  апартиатә ганахьала,  ихьыҧшымзароуп
Гьаргь Кахиани  - Апартиақәа рахь ааҧхьара аҟаҵареи рызныҟәашьа аарҧшреи ала, атәыла ахада Аконституциа еилалгоит, Аконституциа инақәыршәаны,  апрезиденттә институт,  апартиатә ганахьала,  ихьыҧшымзароуп

Апартиақәа рахь ааҧхьара аҟаҵареи рызныҟәашьа аарҧшреи ала, атәыла ахада Аконституциа еилалгоит, Аконституциа инақәыршәаны,  апрезиденттә институт,  апартиатә ганахьала,  ихьыҧшымзароуп, – иҳәеит апарламенттә аиҳара алахәыла Гьаргь Кахиани.

Кахиани ишазгәеиҭаз ала, атәыла ахада Аконституциа ииашамкәа дазныҟәоит.

„Аконституциа инақәыршәаны, атәла ахада изакәызаалак партиак дадгылар ҟалом, избанзар, Аконституциала апрезиденттә институт иазхаҵоуп апартиатә ганахьала ихьыҧшым аинститут аҳасабала. Апартиақәа рахь ааҧхьара аҟаҵареи рызныҟәашьа аарҧшреи ала, атәыла ахада Аконституциа еилалгоит.

Рыцҳарас иҟалаз, ҳтәыла ахада лассы-лассы аконституциатә нормақәа еилалгоит, ҳара уи ҳашьцылахьеит, Аконституциатә аӡбарҭагьы уи шьақәнарҕәҕәеит.  Лара атәыла ахадас аҟазааразы аамҭа маҷк лзаанзеит, Аконституциа дшазныҟәо аабоит, ҳара уи ҳзақәшаҳаҭхом“, – иҳәеит Гьаргь Кахиани Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу аҿы.

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Мамука Хазараӡеи Гьаргь Гахариеи рпартиақәа  еидгыларц ирыбжьалган, аилацәажәаразы Орбелианиаа рханашҟа дрыҧхьеит.