Гьаргь Џьанџьӷава - Иракли Ӷарибашвили адгьылҵысра ахьыҟалаз Ҳатаитәи апровинци, Антакиа ақалақь ахь ддәықәлан, аҭыԥантәи напхгареи егьырҭ аофициалтә хаҿқәеи дырԥылоит
Гьаргь Џьанџьӷава - Иракли Ӷарибашвили адгьылҵысра ахьыҟалаз Ҳатаитәи апровинци, Антакиа ақалақь ахь ддәықәлан, аҭыԥантәи напхгареи егьырҭ аофициалтә хаҿқәеи дырԥылоит

«Иракли Ӷарибашвили адгьылҵысра ахьыҟалаз Ҳатаитәи апровинци, Антакиа ақалақь ахь ддәықәлоит», — иҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Гьаргь Џьанџьӷава.

Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла, аԥыза-министр  аҭыԥантәи напхгареи егьырҭ аофициалтә хаҿқәеи дырԥылоит.

«Аыза-министр Иракли Ӷарибашвили адгьылҵысра ахьыҟалаз Ҳатаитәи апровинци, Антакиа ақалақь ахь ддәықәлан, аҭыԥантәи напхгареи егьырҭ аофициалтә хаҿқәеи дырԥылоит. Аҭыԥ аҿы ақырҭуа аиқәырхаҩцәа ргәыԥ иҟоуп, урҭ Адыиаман иҟаз ақырҭуа аиқәырхаҩцәа рцынхәрас инеит. Аҭыԥ аҿы иҟоуп 200-ҩык аиқәырхаҩцәа. Актәи аротациа 112-ҩык ираҟарнан, ԥыҭраамҭак ашьҭахь инеит иҵегьы 85-ҩык. Ҳфырхацәа ауаа рацәаны еиқәдырхеит. Аԥыза-министр  аҭыԥантәи напхгареи егьырҭ аофициалтә хаҿқәеи дырԥылоит. Иара убас АФАД ацентр даҭаауеит», — ацҳаражәҳәаҩ Гьаргь Џьанџьӷава.