Гьаргь Гахариа – Зегьы реиҳа идуу аҳасабтә  - аҭынчмҩала аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылара ауп, абри аҩыза азҵаарақәа маӡала, ашәқәа ркны, алхрақәа рҟнынӡа рыӡбара ҟалом
Гьаргь Гахариа – Зегьы реиҳа идуу аҳасабтә  - аҭынчмҩала аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылара ауп, абри аҩыза азҵаарақәа маӡала, ашәқәа ркны, алхрақәа рҟнынӡа рыӡбара ҟалом

«Зегьы реиҳа идуу аҳасабтә  – аҭынчмҩала аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылара ауп, абри аҩыза азҵаарақәа маӡала, ашәқәа ркны, Қырҭтәыла ауааҧсыра изакәызаалак информациак рымҭақәа, алхрақәа рҟнынӡа рыӡбара ҟалом», – иҳәеит апартиа «Қырҭтәылазы» алидер Гьаргь Гахариа.

Гахариа игәаанагарала, Биӡина  Иванишвили  азҵаарақәа зегьы аҭак риҭароуп, Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргыларазы игәы иҭоу иҳәароуп.

«Мчыбжьқәак ирылагӡаны, алхраҧхьатәи акампаниа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Биӡина Иванишвили Қырҭтәыла атәылауаа рҟынтә аҭамзаара ашьҭаҵара даҳәоит. Алхрақәа рышьҭахь атәыла аҵакырадгьытә акзаара аиҭашьақәыргыларазы аконституциатә аиҳара ҳамазароуп ҳәа иҳәеит. Аха, аиашаз, ари азҵаара иадҳәаланы акгьы ҳаиҳәом, аилыркаарақәа ҟаиҵом. Апланс имоу, игәы иҭоу  ҳаздырӡом, ҳиқәшаҳаҭхаргьы издыруам. Убри аамҭазы, Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ЕАР аҟынтә еилыкка иҳәеит дара акгьы шырымҧсахуа  — Урыстәыла Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟынтә ахатә бџьармчқәа ралгара агәы иҭам.  Урыстәыла, ахатә аҳәамҭақәа рыла, ҳтәыла ахьыҧшымра еиланагоит, убри аамҭазы, ҳтәыла анапхгара, адәныҟатәи аусқәа рминистр аофициалла акгьы рҳәом.

Иванишвили адебатқәа дышрыцәшәо здыруеит, аха, уезгьы, иара иахь ааҧхьара ҟасҵоит Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылара азҵаара иазкны ҳуааҧсыра аилыркаарақәа риҭарц. Адебатқәа рҽалархәра иҭахымзар, жьҭаара 15 рзы Жәыргьыҭ даннеилак абараҭ азҵаарақәа аҭар риҭааит: Урыстәыла импыҵахалоу Аҧсни Цхинвали ирыдәҳаланы ахатә позициа аҧсахра агәы иҭам, импыҵахалоу ҳрегионқәа рхьыҧшымра азхаҵара иазку аӡбара аҧыхреи арбџьармчқәа ралгареи  ргәы иҭам, нас, абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы Иванишвили Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргыларазы планс имои; аконституциатә аиҳара зиҭахи, аҳәынҭқарра аиҿкаашьа иҧсахыр иҭахума; Мраҭашәара аҿагылареи Қырҭтәыла аизолиациеи, иара убас, ахатә тәыла аибашьра алагара ахараҵареи   амшала азхаҵамра аполитика ашәарҭара иҭагылома. Абарҭ азҵаарақәа аҭак анриҭалак ауп Иванишвили аҭынчреи асуверинитети рылацәажәара анилшо», — иҳәеит Гьаргь Гахариа.