Гьаргь Гахариа  - Қырҭтәыла, хара имгакәа   Pfizer авакцина зауа 18 ҳәынҭқарра рсиа иануп
Гьаргь Гахариа  - Қырҭтәыла, хара имгакәа   Pfizer авакцина зауа 18 ҳәынҭқарра рсиа иануп

Ҳара аџьабаа ду аабеит, Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара анапхгаҩы ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп, избанзар аҵыхәтәантәи аамҭазы интенсивла аимадара ҳабжьан. Убри абзоурала, иахьа аргама иааҳацҳар ҳалшоит Қырҭтәыла, хара имгакәа  Pfizer авакцина зауа 18 ҳәынҭқарра рсиа ишану, — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Гьаргь Гахариа авакциа иадҳәаланы ажурналистцәа ирҭаз азҵаара аҭак анеиҭоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, Авакцинациа амилаҭтә план инақәыршәаны, раҧхьа иргыланы, аҳақьымцәа авакцина рзыҟарҵоит.

«Агәра шәсыргар сҭахуп  —  Қырҭтәыла иааҳгоит ҳтәылауаа рзы ишәарҭам, Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара авторизациа змоу авакцина. Абри ауп ҳара хықәкыс иҳамоу, убри аҟынтә, ганкахьала,  ҳгәы ҳҽанызароуп, ари аганахьла ақәҿиара ҳамоуп,   Қырҭтәыла, хара имгакәа   Pfizer авакцина зауа 18 ҳәынҭқарра рсиа иануп. Еиҭасҳәар сҭахуп, Авакцинациа амилаҭтә план инақәыршәаны, раҧхьа иргыланы, аҳақьымцәа авакцина рзыҟаҳҵоит», — иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы.