Гьаргь Гахариа - Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет ҳҵарадырреи, ҳкультуреи, ҳинтеллектуалтә ҧсҭазаареи зҵакы дуу хыҵхырҭоуп
Қырҭтәыла аҧыза-министр Гьаргь Гахариа, Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет ашьаҭаркра инаркны 103 шықәса аҵра инамаданы, иахьа Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аҿы дыҟан. Аиҳабыра рнапхгаҩы дицын аҵареи, аҵарадырреи, акультуреи, аспорти рзы аминистр Михаил Чхенкели.
Аиҳабыра рнапхгаҩы Иване Џьавахишвилии ауниверситет раҧхьатәи аректор Петре Мелиқьишвили ҳаҭырла игәалаиршәан, рнышәынҭрақәа рҿы ашәҭқәа шьҭеиҵеит.
Аҧыза-министр астудентцәеи, апрофессорцәеи, зыӡбахәы ҳәоу ауниверситет иалгахьоу ауааҧсыреи Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет ашьаҭаркра инаркны 103 шықәса аҵра рыдныҳәаланы, ишазгәеиҭаз ала, Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет атәыла аҵарадырреи, акультуреи, аинтеллектуалтә ҧсҭазаареи крызҵазкәа хыҵхырҭоуп.
Гьаргь Гахариеи Михаил Чхенкелии Иване Џьавахишвили ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аҩбатәи акорпус аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаҧысуа гәарҭеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы иҟәышу аҕәқәа рыла еибыҭоу аудиториақәа ибеит. Иҟәышу аҕәқәа 10 (смарт борд) рхы иадырхәоит анахарала аҵаратә процесс қәҿиарала амҩаҧгаразы. Аҵаратә корпусқәа зегьы рҿы ишьақәыргылоу аҕәқәа Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет ҳамҭас аиуит афонд „Қарҭу“ аҟынтә.