Гьаргь Гахариа ҧхынҷкәын 25 рзы Қьырса иазгәазҭо аконфессиақәа зегьы аныҳәа ду рыдиныҳәалеит
Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа ҧхынҷкәын 25 рзы Қьырса иазгәазҭо аконфессиақәа зегьы аныҳәа ду рыдиныҳәалеит.
«Ҧхынҷкәын 25 рзы Қьырса иазгәазҭо аконфессиақәа зегьы аныҳәа ду рыдысныҳәалоит.
Қьырса аныҳәа ду абзиареи абзиабареи ҳзаанагоит. Абзиареи абзиабареи аиҷаҳареи ауп иубарҭам аҕа иаҵархаразы иахьа зегьы реиҳа иаҳҭаху.
Шәареи шәҭаацәарақәеи агәабзиареи, аҭынчреи, мышхәыбзазареи шәзеиҕьасшьоит», — иҳәеит Гьаргь Гахариа.