Гьаргь Гахариа – Pfizer алаҵа актәи адозақәа Қырҭтәылаҟа иааргоит жәабран анҵәамҭазы
Pfizer алаҵа актәи адозақәа Қырҭтәылаҟа ааргоит жәабран анҵәамҭазы, – ари атәы асоциалтә каҭа «Феисбук» аҿы ааицҳаит Қырҭтәыла Аԥыза-министр Гьаргь Гахариа.
Аиҳабыра рнапхгаҩы апрецедент змам адгыларазы Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәеи еиҿкаара анапхгаҩы Тедрос Аданом Гебреисус иҭабуп ҳәа иаиҳәеит.
Сҩыза, ҳтәыла аҩыза гәакьа Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәеи еиҿкаара анапхгаҩы Тедрос Аданом Гебреисус иҭабуп ҳәа иасҳәоит апрецедент змам адгыларазы. Амилаҭтә лан инақәыршәаны, алаҵа актәи адозақәа амедицинатә персонал рзыҟрҵоит,» – иҩит Гьаргь Гахариа.