Гьаргь Гахариа - Ҳаидгылоит, аӡәы иҿагыларазы акәымкәа, Қырҭтәылазы
Ҳаидгылоит, аӡәы иҿагыларазы акәымкәа, Қырҭтәылазы, – иҳәеит апартиа “Қырҭтәылазы” ахантәаҩы Гьаргь Гахариа апартиа ашьаҭаркратә конференциаҿ.
Гахариа иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аиаша адгылара зылшо агәԥ иҟазароуп.
“Иахьа ҳара ҳаидгылоит, аӡәы иҿагыларазы акәымкәа, ҳаидгылоит Қырҭтәылазы.
Иахьа ҳгәыԥ аполитикатә процессқәа активла рҽалархәра алагоит, аӡәы иҿагыларазы акәымкәа, Қырҭтәылазы. Атәылаҿ аҵыхәтәантәи аамҭазы иҟоу аполитикатә процессқәа ҳрыцклаԥшуан. Қырҭтәыла аиаша адгылара зылшо, Қырҭтәыла атәылауаа аиаша разҳәарц зылшо агәԥ иҟазароуп,” – иҳәеит Гьаргь Гахариа.
“Еқспо Џьорџьиаҿ” имҩаԥысыз ԥасатәи Аԥыза-министр, Гьаргь Гахариа ипартиа ашьаҭаркратә конференциа мҩаԥган. Апартиа “Қырҭтәылазы” шьаҭаркратә конференциаҿ апартиа ахантәаҩыс Гьаргь Гахариа далырхит. Ауснагӡатә 400-ҩык рҟынӡа асасцәеи ашьаҭаркҩцәеи рхы аладырхуеит.