Гьаргь Гахариа  - Бриуссели Америкеи авизитқәа раан  «Ақырҭуа гәахәтәы» рыхьчара ҳақәшәеит
Гьаргь Гахариа  - Бриуссели Америкеи авизитқәа раан  «Ақырҭуа гәахәтәы» рыхьчара ҳақәшәеит

 

Апартиа  «Қырҭтәыла адгыларазы» ахантаҩы Гьаргь Гахариа ишиҳәаз ала,     «Ақырҭуа гәахәтәы»  иҧсыҽу ршьаҿақәа рыла  аҳәынҭқарра  ҧырхага азааргоит.

«Ишыжәдыруа ала, зны, Бриуссель, анеҩс, Америкагьы крызҵазкәа, аинтерес зҵоу авизитқәа мҩаҧаагеит.  Авизитқәа аҵакы ду шрымаз уезгьы  еилкаауп,  уажәы уи салацәажәом.   Акоуп ишәасҳәар исҭаху, абарҭ авизитқәа раан «Ақырҭуа гәахәтәы» рыхьчара ҳақәшәеит.  Уажәтәи анапхгара хшыҩда имҩаҧырго аполитика атәыла ҧырхага азаанагоит, урҭ ирзеилымкааит дара рыда иҵегьы апартиақәа шыҟоу.  Иҧсыҽу ршьаҿақәа рыла  ҳҳәынҭқарра иаҧырхагоуп», — иҳәеит Гьаргь Гахариа.