«Апартиа арегионалтә аиҿкаарақәа раҧҵара аганахьала раҧхьатәи ашьаҿа ҟаҳҵеит», — иҳәеит апартиа «Қырҭтәыла адгыларазы» ахантәаҩы Гьаргь Гахариа.
Иара иҳәамҭала, аофис аартра инаваргыланы, иахьа апартиа аполитхеилак алахәылацәа раҧхьатәи реизара мҩаҧысит.
«Агәра ганы сыҟоуп ҳаҧхьаҟа ҳпартиа Қарҭгьы, Баҭымгьы, егьырҭ ақалақьқәа рҿгьы ақәҿиара шамазаауа. Иахьа апартиа аполитхеилак алахәылацәа раҧхьатәи реизара мҩаҧысит. Ҳпрограмма ҳалацәажәеит, уи атәыла асоциал-економикатә аҿиареи, ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчареи, адемократиа аҿиареи, ашәарҭадареи, атәыла адеокупациеи иазкуп. Иахьатәи амш аҵакы ду амоуп, ҳара арегионалтә аиҿкаарақәа раҧҵара аганахьала раҧхьатәи ашьаҿа ҟаҳҵеит. Баҭымтәи аиҿкаара дахагылоит Иракли Ҭавдгириӡе, Аҷаратәи аиҿкаара данапхгаҩуп Иракли Миқелаӡе», — иҳәеит Гьаргь Гахариа.