Гьаргь Гахариа "Ақырҭуа хартиа" инапы аҵаиҩит
Гьаргь Гахариа "Ақырҭуа хартиа" инапы аҵаиҩит

Апартиа “Қырҭтәылазы” ахантәаҩы Гьаргь Гахариа Қырҭтәыла ахада иаԥшьылгаз “Ақырҭуа хартиа” инапы аҵаиҩит.

Апартиа апрессмаҵзура ари адырра шьақәнарӷәӷәеит.

Гахариа адокумент ахада лхан аҟны иахьа инапы аҵаиҩит.

Қырҭтәыла ахада Салому Зурабишвили аполитикатә партиақәа руснагӡатә план “Ақырҭуа хартиа” иаԥшьылгеит лаҵара 26 рзы. Саломе Зурабишвили лажәақәа рыла, “Ақырҭуа хартиаҿ” ажәлар рыҳәарақәа аарԥшуп.