Гьаргь Гахариа адипломатиатә корпусахь ааҧхьара ҟаиҵеит 11-тәи ааҧхьара апарламент актәи аилатәарашҟа имнеирц
Апартиа «Гахариа Қырҭтәылазы» алидер Қырҭтәыла аус зуа адипломатиатә корпусахь ааҧхьара ҟаиҵеит 11-тәи ааҧхьара апарламент актәи аилатәарашҟа имнеирц. Иара ари аҳәамҭа ҟаиҵит иахьа имҩаҧигаз абрифинг аҿы.
Гьаргь Гахариа адипломатцәа дрыҳәеит «ақырҭуа жәлар ирыдгыланы, даргьы Қырҭәәыла ауааҧсыра алхрақәа рҿы рылахәызаара аҵакы рыхьчарц, Қырҭтәылаҿ ҭынч анапхгара аҧсахразы ахадаратә демократиатә хархәага аҳасабала алхрақәа рыхьчарц».
«Америкеи Евроеидгыла иалоу атәылақәеи рыцҳаражәҳәарҭақәа рахь ҷыдала ааҧхьара ҟасҵоит. Иахьа, атәыла зегьы алегитимациа акризис ианҭагыло, Қырҭтәыла ауааҧсыра рбыжьқәа рцәырҕьычит ҳәа ргәы ианаанаго аамҭазы, сара ҳтәылаҿы аус зуа ацҳаражәҳәаҩцәа даҽазнык ҳаҭыр дула срыҳәар сҭахуп 11-тәи ааҧхьара апарламент актәи аилатәарашҟа имнеирц, «Ақырҭуа гәахәтәы» аманипулиациақәа зегьы рлегитимациа рылымшарцаз. Иара убас, Қырҭтәыла атәылауаа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит апарламент актәи аилатәараан уажәтәи анапхгара рганахьала апротест ҕәҕәа ҟарҵарц — арҭ алхрақәа ииашаны, адемократиатә мҩала имҩаҧган ҳәа ҳгәы иаанагом, убри аҟынтә урҭ рылҵшәақәа иазхаҳҵом», — иҳәеит Гьаргь Гахариа.