Гьаргь Гахариа - Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Биӡина Иванишвили иакәын ақырҭуа политика ҳәаақәызҵоз, амч азҭоз
Зҵакы дуӡӡоу аҿырҧштәы ҳамоуп, уара узхагылоу, анапхгара ззыуа аполитикатә мчы атәылауаа аҧшьба рыхҧак рыдгылара анамоу, атәыла анапхгаразы амандат анурҭо, амчра аҭара аҿырҧштәы, абри аҩыза ахҭыс атәыла аҭоурых аҿы раҧхьаӡа акәны иҟалеит, – иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа Биӡина Иванишвили аполитикантә ицара иадҳәаланы.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳаз ала, зегьы ибзиаҵәҟьаны ирдыруеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Бишина Иванишвили шиакәыз ақырҭуа политкиа ҳәаақәызҵоз, амч азҭоз.
„Иахьа Биӡина Иванишвили, „Ақырҭуа гәахәтәы“ анапхгаҩы, аргама ааицҳаит имаҵзураҭыҧ шаанижьуа, аполитика дшалҵуа. Ҳәарада, зегьы ибзиаҵәҟьаны ирдыруеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Биӡина Иванишвили шиакәыз ақырҭуа политкиа ҳәаақәызҵоз, амч азҭоз.
Аха, зегьы реиҳа ихадоу, ҳара зҵакы дуӡӡоу аҿырҧштәы ҳамоуп, уара узхагылоу, анапхгара ззыуа аполитикатә мчы атәылауаа аҧшьба рыхҧак рыдгылара анамоу, атәыла анапхгаразы амандат анурҭо, амчра аҭара аҿырҧштәы, абри аҩыза ахҭыс атәыла аҭоурых аҿы раҧхьаӡа акәны иҟалеит.
Ҳәарада, абри аҿырҧштәы аҵакы ду амоуп, ҳаҧхьаҟа ҳтәыла аҿиаразы аҵакы ду амоуп. Қырҭтәыла аҭоурых аҿы раҧхьаӡа акәны, „Ақырҭуа гәахәтәы“ ахынтәраан амандат аиуит, уи машәырла акәӡам ишыҟалаз, ажәлар иаҳзаадырҧшыз агәрагара ахатә аилыркаара амоуп, ҳәарада, абри аҩыза агәрагара Биӡина Иванишвили ихьӡ иадҳәалоуп. Иара инаигӡаз ароль абзоуралоуп аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы атәылаҿы аиашара шышьақәгылаз, иара инаигӡаз ароль абзоуралоуп ақырҭуа политикаҿы ауаҩи уи иаҳаҭыри ахадаратә ҵакы шроуз“, – иҳәеит Гьаргь Гахариа.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, апроблемақәа шырацәазгьы, зыӡбахәы ҳәоу 8 шықәса рыла атәылаҿы апрогресс ду иҟоуп.
„8 шықәса рыла, апроблемақәа шырацәазгьы, ҳара ҳазынтәгьы, ҳаидгыланы, ҳтәылаҿы крызҵазкәа апрогресс иҟаларатәы иҟаҳҵеит. Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара, азинхьчаратә система аусушьа, агәабзиарахьчаратә система, ҳтәыла евроатлантаикатә аҿиара. Абри ауп ақырҭуа жәлар даҽазнык иалырхыз, рыбжьқәа зырҭаз“, – иҳәеит Аҧыза–министр.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, апандемиа аангьы ҳуааҧсыра зегьы реиҳа ацхыраара анырҭахыз, Биӡина Иванишвили еснагь ажәлар дрыдгылан.
„Апандемиа аангьы лабҿаба иубарҭан ақырҭуа жәлар ацхыраара анырҭаху Биӡина Иванишвили еснагь ҳуааҧсыреи ҳтәылауааи дышрыдгыло, ҳәарада, иара апандемиа аҿагылара апроцесс аҿы крызҵазкәа алагала ҟаиҵеит. Ҳара ҳазынтәгьы ибзианы еилаҳкаауеит алхрақәа раан ҳажәлар изыдгылаз аполитикатә гәыҧ, Биӡина Иванишвили иаҧиҵаз аполитикатә гәыҧ атәыла аҿиаразы аҭакҧхықәра ду шрыду. Уи адагьы, хымҧада иазгәаҭатәуп аҵыхәтәантәи 8 шықәса рзы атәылаҿы ақәҿиара дуқәа шыҟаз, иарбанызаалак аполиткиатә гәыҧ уаанӡа абри аҩыза ақәҿиарақәа рмоӡацызт, раҧхьа иргыланы, апарламенттә демократиеи апропорциатә алхратә системеи роуп сызлацәажәо. Абри ашьаҭа алоуп ҳаҧхьаҟа атәыла адемократиатә аҿиара шынагӡахо, ҳәарада, уи Биӡина Иванишвили ибзоуроуп“, – иҳәеит Аҧыза– министр.