Гьаргь  Габиташвили – Сара  11 шықәса рыҩныҵҟа апрокурор хада ихаҭыҧуаҩс сыҟоуп, апрокурор хада истатус ҵакыс иамоу, ари амаҵзураҭыҧ иацу ауадаҩрақәеи аҭакҧхықәреи здыруеит
Гьаргь  Габиташвили – Сара  11 шықәса рыҩныҵҟа апрокурор хада ихаҭыҧуаҩс сыҟоуп, апрокурор хада истатус ҵакыс иамоу, ари амаҵзураҭыҧ иацу ауадаҩрақәеи аҭакҧхықәреи здыруеит

Апрокурор хада иҭыҧаз акандидат Гьаргь  Габиташвили аиуристтә зҵаарақәа рзы акомитет аилатәараҿы дықәгылеит. Иара наҟ-наҟ апрокуратура аҿиареи уажәазы иҟоу апроблемақәа рыӡбашьеи азы имоу ахәаҧшырақәа дрылацәажәеит.

«Сара  11 шықәса рыҩныҵҟа апрокурор хада ихаҭыҧуаҩс сыҟоуп, апрокурор хада истатус ҵакыс иамоу, ари амаҵзураҭыҧ иацу ауадаҩрақәеи аҭакҧхықәреи здыруеит. Шәыдгылара сақәгәыҕуеит. Сара апрокурор хадас салырхыр,  ари асистема арҿиара насыгӡоит“, – иҳәеит Гьаргь Габиташвили иқәгылара анҵәамҭаз.

Гьаргь Габиташвили икандидатура алырхит рашәара 11 рзы Апрокурортә хеилак аҿы имҩаҧгаз абжьыҭираан. Иара идгылеит 11ҩык ахеилак  алахәылацәа.