Гьаргь Дуглаӡе Қырҭтәыла  Афинанстә мониторинг амаҵзура дахагылоит
Гьаргь Дуглаӡе Қырҭтәыла  Афинанстә мониторинг амаҵзура дахагылоит

Қырҭтәыла аҧыза-министр иӡбарала, Аекономика аминистрраҿ иҟоу Аҳәынҭқарратә амал амилаҭтә агентра ахантәаҩы Гьаргь Дуглаӡе  Қырҭтәыла Афинанстә мониторинг амаҵзура дахагылоит. Аекономика аминистрра адыррала, аҧыза-министр иашьашәалоу адҵа инапы аҵаиҩхьеит.

Дуглаӡе  Аҳәынҭқарратә амал амилаҭтә агентра дахагылан  2018 шықәса инаркны, уаанӡа Қырҭтәыла Афинансқәа рминистррра амаҵзура агентра агенералтә директорс дыҟан. Гьаргь Дуглаӡе еиуеиҧшым ашықәсқәа рзы хазхаҭалатәи асектор аҿы еиуеиҧшым аилахәырақәа рҿы анапхгаратә маҵзураҭыҧқәа ааникылон.

Дуглаӡе  иреиҳаӡоу аҵара иоуит Иеиду Америкатә Штатқәа рҿы, лымкаала, Норвичтәи ауниверситетаҿ, аекономикеи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи рхырхарҭала.