Гьаргь Амлахвари Венгриа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Шандор Пинтер диԥылеит
Гьаргь Амлахвари Венгриа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Шандор Пинтер диԥылеит

Қырҭтәыла Аҵареи аҵарадырреи рминистр Гьаргь Амлахвари Венгриа аофициалтә визитла дыҟоуп.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡагы Гьаргь Амилахвари аусуратә аиԥыларақәа мҩаԥигеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Шандор Пинтер иҟны, Пинтер Венгриа азеиԥш ҵара ахырхарҭа дахагылоуп.

Гьаргь Амилахвари иколлега азеиԥш аҵара аҿиара ахырхарҭала иҟаҵоу ашьаҿақәеи зымҽхак ҭбаау аинфраструктуратә проектқәеи, урҭ рыбжьара аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иԥшьгарала 800 школ рырҽеира апроекти ирызкны адырра ииҭеит.

Венгриа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Шандор Пинтер диԥылеит Гьаргь Амилахвари арҵаҩцәа рзанааҭтә ҿиареи, амилаҭтә аҵаратә плани, арҵагашәҟәқәа реиӷьтәреи адигиталиациа ахырхарҭала Венгриа иҟоу апрактикеи ирызку адыррақәа ииҭеит.