Гьаргь Амилахвари Павел Ҳерчински диԥылеит
Гьаргь Амилахвари Павел Ҳерчински диԥылеит

Қырҭтәыла Аҵареи аҵарадырреи рминистр Гьаргь Амилахвари актәи аусуратә аиԥылара мҩаԥигеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Ҳерчински иҟны.

Аиԥылараҿ аҵара ахырхарҭала имҩаԥысуа апроектқәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи ирыхәаԥшит.

Аҵара аминистрра аинформцаиа ала, Гьаргь Амилахвари Евреоидгыла ацҳаражәҳәаҩ иҭабуп ҳәа иаиҳәеит аҵара асистема адгылареи, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы инагӡаз зымҽхак ҭбаау апроектқәеи рзы.

Аминистр ҷыдала дазааҭгылеит Қырҭтәыла аҵараа системаҿ жәларбжьаратәи астандартқәа рыларҵәара аҵакы.

Амилахвари иажәақәа рыла, аҵара аинтернационализациа аганахьала аусура активла нагӡахоит, ақәыԥшцәа европатәи аҵара аиура рылшарц азы Аминистрра алшо зегь ҟанаҵоит.