Гьаргь Амилахвари ауаажәлар ирызцәыригеит Азанааҭтә аҵара аҿиара ахәаҧшыра ҿыц,
Гьаргь Амилахвари ауаажәлар ирызцәыригеит Азанааҭтә аҵара аҿиара ахәаҧшыра ҿыц,

Қырҭтәыла аҵареи аҵарадырреи рзы аминистр Гьаргь Амилахвари ауаажәлар ирызцәыригеит Азанааҭтә аҵара аҿиара ахәаҧшыра ҿыц, уи азанааҭтә аҵара асистемаҿы аусураҭаҩцәа рылахәызаара аизырҳареи аҳәынҭқарра аҟынтә ажәалагалақәа рыҭареи иазкуп.

Ахәаҧшыра ҿыц аҿы ахадаратә ҵакы змоу ахырхарҭақәа иреиуп хазхаҭалатәи асектор аҽалархәрала азанааҭтә аҵара аиқәыршәара, уи ала иазҧхьагәаҭоуп аҳәынҭқарреи хазхаҭалатәи асектори рпартниорра ашьақәыргылареи азанааҭтә аҵаратә программақәа реиқәыршәара апроцессаҿ абизнессектор ахаҭарнакцәа аус рыцуреи.

Аҳәынҭқарреи, хазхаҭалатәи асектор/аусураҭаҩи азанааҭтә аҵара аҧара еицаларҵоит. Зыӡбахәы ҳәоу афактор аџьармыкьа аҭахрақәа ирышьашәалоу акадрқәа разыҟаҵареи аусурҭадара арбага армаҷреи еиқәнаршәоит. Уи, иреиҕьу жәларбжьаратәи аҧышәа иазҧхьагәаҭаны аҳәынҭқарра хазхаҭалатәи асектор иаднагало аиновациатә азнеишьа ҿыцуп.

Қырҭтәыла аҵареи аҵарадырреи рзы аминистрра, азанааҭтә аҵара аҿиара иазку ахәаҧшыра ҿыц аҳәаақәа ирҭагӡаны, аквалификациа ашьҭыхреи, асектортә приоритетқәа рҳәаақәҵареи, азанааҭтә аҵара аҧара алаҵареи амодель арҿыцра азгәаҭаны ирымоуп. Иара убас, азеиҧш аҵара абжьаратә аҩаӡараҟны азанааҭтә аҵара аларҵәара амзызла аусура иалагоит. Акрызҵазкәа аиҭакрақәа мҩаҧгахоит азанааҭтә аҵара арҵаҩцәа рзанааҭтә аҿиара ахырхарҭалагьы, уи ала иазҧхьагәаҭоуп аиҭныҧсахларатә программақәа рымҩаҧгареи арҵаҩцәа рквалификациа аиҕьтәреи.

Аминистрра, сынтәаҵәҟьа ари ахәаҧшырала иазҧхьагәаҭоу аинициативақәа раларҵәара иалагоит, уи абзоурала, хара имгакәа, азанааҭтә аҵара асистема иаҳа алҵшәа ахылҵуеит, иаҳа уаднаҧхьало иҟалоит.

Аӡыргараҿы иҟан апарламенти аиҳабыреи рылахәылацәеи, адипломатиатә корпуси, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи, абизнес сектори, азанааҭтә аҵаратә программақәа мҩаҧызго аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәеи.